19.02.202509:17
🔸Аԥсны агаҿа иахьаԥну ҭыԥқәак рҿы асаура инамаданы амҩақәа рҿы ашәарҭадара ахьчаразы аусмҩаԥгатәқәа рӷәӷәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.
"Мчыбжьык аԥхьа амаҵзурақәа зегьы ргәырҽанҵан. Иаҭаххар ареспубликатә мҩаду аҿы зегь реиҳа иуадаҩу аҭыԥқәа аԥслымӡла еиқәыршәахоит ауадаҩрақәа ҟамларц азы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аслан Базба иҳәеит, асаура иахҟьаны Риҵаҟа амҩа шарку, насгьы амашьынаныҟәцаҩцәа агәҽанызаара аадырԥшларц ааԥхьара риҭеит, избан акәзар аси аҵааи ирыхҟьаны амҩақәа ҵааршәхар ҟалоит.

25.01.202518:23
Ақыҭа ԥсҭазаара иацу аџьабаа, аҭаацәара аныҟәгара, ашкол аҿы аусура, абарҭқәа зегьы ирыӡгәо Ԥақәашь инхо хҩык ахшара ран Илона Когба арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" аҟны дазааҭгылеит бзиа ибаны дызҿу лус дшазнеиуа атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.

19.02.202509:05
Жәахамш ирылагӡаны 22-миллион мааҭ еиҳаны еизгоуп ҩышықәса зхыҵуа Леиа Адлеиԥҳа лыхәшәтәразы, даҽа ԥшь-миллионки 300 нызқь мааҭ рҟынӡа аанхеит, аАбри атәы арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит Афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ҩымчыбжьа-хымчыбжьа ирҭагӡаны аԥара еизаҳгар ауп, избанзар атрансплантациагьы ахәыҷы дазыҟаҵатәуп. Аамҭа аҭахуп иара аԥара ҿыхны аиагаразы, Европатәи ацентрқәеи Аԥсни рыбжьара ишиашоу аиагара ыҟаӡам. Шаҟа ирласны еизаҳго аҟара, аиҿкааратә усқәа аҭаацәагьы ҳаргьы ҳрылагоит", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит абра.

07.09.202411:14
Аамсҭашәала асас идкылара ҳазыхиазароуп, ачҳарагьы ааҳарԥшлароуп лҳәеит Пицунда ахатәы сасааирҭа аԥшәма Аида Ҭраԥшьԥҳа, ииасуа аԥхынтәи аамҭа арадио Sputnik аҿы ахҳәаа аҭо.
Аԥсшьаҩцәа санырхаҵгыло иџьаршьоит, уи аангьы ҳхымҩаԥгашьа пату ақәырҵоит ҳәа лҳәоит Ҭраԥшьԥҳа.
Ҭраԥшьԥҳа иазгәалҭеит аԥсшьаҩы идкыларазы аҿыцрақәа алагалатәуп, урҭ рҭахрақәеи ргәазыҳәарақәеи есааира рҽырыԥсахуеит ҳәа.
Аԥхын аамҭа амҩасшьеи сынтәатәи аԥсшьаҩцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аҩаӡареи ртәы инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

19.02.202506:24
Уахык ала Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Урыстәыла арегионқәа рҿы украинатәи адронқәа 9 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
▫️4 — Амшын еиқәа инахыкны;
▫️3 — Бриансктәи аобласт аҿы;
▫️1-1 — Ҭаҭарсҭани Тулатәи аобласти рҟны.

07.02.202514:52
"Урыстәыла иҟоу ҳколлегацәа аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аганахьала Аԥсны иамоу апозициа раҳаит", — иҳәеит Бадра Гәынба.
"Ҳара ҳалацәажәеит ҳауаажәларраҿы азҵаарақәа жәпакы шьҭызхыз аинвестициатә еиқәшаҳаҭра. Сақәгәыӷуеит сара спозициа рыдыркылеит ҳәа. Ҳколлегацәа Аиқәшаҳаҭра ас еиԥш аформала адкылара залшом ҳәа иҟаҳҵаз ажәалагала аҭак арҭеит", — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба Москвантә Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь раԥхьатәи аԥышәаратә апассаџьыртә ҳаирплан аара аихшьаалатә брифинг аҿы.
Бадра Гәынба агәыӷра ааирԥшит Москвеи Аҟәеи ареспублика атәылауааи, аԥсуа бизнеси, аинвесторцәеи ринтересқәа хшыҩзышьҭра рҭаны, еиҟароу аусеицуразы амеханизмқәа рыԥшаап ҳәа.

Паказана 1 - 3 з 3
Увайдзіце, каб разблакаваць больш функцый.