Реальна Війна
Реальна Війна
NOTMEME Agent News
NOTMEME Agent News
І.ШО? | Новини
І.ШО? | Новини
Реальна Війна
Реальна Війна
NOTMEME Agent News
NOTMEME Agent News
І.ШО? | Новини
І.ШО? | Новини
Sputnik Аԥсны avatar

Sputnik Аԥсны

Ажәабжьқәа – аԥсышәала!
Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Рэйтынг TGlist
0
0
ТыпПублічны
Вертыфікацыя
Не вертыфікаваны
Надзейнасць
Не надзейны
РазмяшчэннеРосія
МоваІншая
Дата стварэння каналаСіч 29, 2024
Дадана ў TGlist
Лист 19, 2024

Рэкорды

18.02.202523:59
696Падпісчыкаў
28.02.202518:48
20100Індэкс цытавання
08.02.202523:59
68Ахоп 1 паста
08.04.202503:15
0Ахоп рэкламнага паста
19.02.202510:00
3.03%ER
19.01.202510:00
11.62%ERR

Развіццё

Падпісчыкаў
Індэкс цытавання
Ахоп 1 паста
Ахоп рэкламнага паста
ER
ERR
ЖОВТ '24СІЧ '25КВІТ '25

Папулярныя публікацыі Sputnik Аԥсны

🔸️Очамчыра араион аҟны аҵҩаақәа амца ркит.

Амцакрақәа рымҽхак — 10 гектарк рҟынӡа инаӡоит ҳәа Sputnik иазеиҭаиҳәеит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.

Иара иажәақәа рыла, амцакрақәа хәыҵҟьеит ақәа алеира ианаҟәыҵ инаркны, амцарцәаҩцәа хымш ҵуеит амцарцәара иаҿуижьҭеи.

"Иахьа ақыҭақәа Ачгәара, Маркәыла, Кындыҕ амца дырцәон, аиҳарак аҵҩаақәа роуп амца зку, ҭыҧқәак рҟны аҵлақәа. Уахьзымнеиуа аҭыҧқәагьы ыҟоуп", — иҳәеит Ҧачлиа.


Амцакрақәа ауаатәыҩса ирыхҟьоит ҳәа агәаанагара имоуп иара.
26.03.202518:28
РУСДРАМ Пермҟа амҩа иқәлоит агастроль дуқәа рахь.

Лаҵарамза 2 инаркны 9 рҟынӡа Пермтәи академиатә Театр-Театр аҟны аԥсуа артистцәа ахәаԥшцәа иддырбоит х-қәыргыламҭак — "Софичка", "Ахьча Махаз", "Абацәеи ахшареи".

Агастрольқәа мҩаԥысуеит Росконцерти Урыстәыла Акультура аминистрреи рыпрограмма "Агастроль дуқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
25.03.202518:14
Шәача аҳаирбаӷәазаҿы апассаџьырцәа амемориалтә композициа "Аиааира Ду Аԥырак" рбар рылшоит.

Лаҵарамза раԥхьатәи амшқәа рзы аиубилеитә рыцхә иазку аофициалтә логотип асахьа зну аконструкциа ақалақь аҿы иҟоу Ажәларқәа реиҩызара урыстәылатәи ауниверситет (РУДН) аҵакыраҿы идыргылараны иҟоуп. Уи азы аспециалистцәа агеологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргеит, аԥша амчхара ршәеит.

Аԥырак аура 80 метра иҟоуп, уи абанер-паззлқәа 90 рыла ишьақәгылоуп. Ашықәс нҵәаанӡа уи аиллиуминаторқәа рҟынтәи 50 метра аҳаракыраҿы ирбарҭахоит.

Ари апроект Шәачатәи Ажәларқәа реиҩызара урыстәылатәи ауниверситет астудентцәеи арҵаҩцәеи еиҿыркааит аҳәынҭқарреи аҳаирбаӷәазеи рыцхыраарала.

Авидео © Шәачатәи Ажәларқәа реиҩызара урыстәылатәи ауниверситет
25.03.202508:12
Ҟәланырхәа ақыҭан игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду рфырхацәа рбаҟақәа еиҭашьақәыргылахоит Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара иабзоураны, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ақыҭа ахада Руслан Гәлиа.

Гәлиа иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟеи ақыҭаҟны акны ишыҟаҵоу.

Аибашьра Ду иалахәын 160-ҩык инареиҳаны Ҟәланырхәаа рҵеицәа, урҭ рахьынтә 86-ҩык аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит иҳәеит ақыҭа ахада.

Смыр иажәақәа рыла, Аиааира ду 80 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәа инарҭбааны аԥылара азгәаҭоуп.

🖇 Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рфырхацәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵоит, Владимир Путин хаҭала иҟаиҵаз адҵала ари аус аԥара азоужьуп.

Аԥсны ақыҭақәа 71 аԥарақәа роуеит: Гәдоуҭа араион — 20 қыҭа; Очамчыра араион — 16 қыҭа; Тҟәарчал араион — 11 қыҭа; Гал араион — 10 қыҭак; Гагра араион — 9 қыҭак; Гәылрыԥшь араион — 3 қыҭак; Аҟәа араион — 2 қыҭак.


Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.
Увайдзіце, каб разблакаваць больш функцый.