Мир сегодня с "Юрий Подоляка"
Мир сегодня с "Юрий Подоляка"
Труха⚡️Україна
Труха⚡️Україна
Николаевский Ванёк
Николаевский Ванёк
Мир сегодня с "Юрий Подоляка"
Мир сегодня с "Юрий Подоляка"
Труха⚡️Україна
Труха⚡️Україна
Николаевский Ванёк
Николаевский Ванёк
Ахьыуардын avatar

Ахьыуардын

Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Рэйтынг TGlist
0
0
ТыпПублічны
Вертыфікацыя
Не вертыфікаваны
Надзейнасць
Не надзейны
Размяшчэнне
МоваІншая
Дата стварэння каналаJan 12, 2023
Дадана ў TGlist
Nov 22, 2024
Прыкрепленая група

Папулярныя публікацыі Ахьыуардын

"Аферым" даҽакала ишԥаҳҳәо? (умница; молодец)

• Аҟәыш
• Аҟәыбҷа
• Аилыхха
• Аилыҷҷа
• Аилфаҷа
• Аиҿамс
• Агәеилыҷҷа
• Агәеилца
• Агәеилга
• Ахшыҩҵар
• Афырхаҵа

#асинонимқәа

Асахьаҿы: Нестор Ҭарба

Ателехәаԥшратә олимпиада "Умницы и умники" аҟны иахьа аиааира згаз 🥇

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
АԤСНЫ

Ухьӡ иагәылоуп амаӡа,
Аха ԥшаашьас иамоузеи?
Уи иблахкыгоу бырлашуп,
Уи абырлаш хәамаӡам.
Ухьӡ иагәылоуп амацәыс,
Еимгеимцара-еимҟьараны.
Ухьӡ иагәылоуп анасыԥ,
Жәҩангәашәԥхьара лашараны.
Ухьӡ — иԥымҵәо мҩазаҵәуп,
Мҩасҩы зыкәа дҭалауа.
Иаҳхылаԥшхәу бла заҵәуп,
Жәҩанахьтә ҳазмырҟьалауа.
Илахьынҵа-хьӡны, иԥышәаран
Уа иухҵоуп, уанышәароуп.
Ԥсаатәҵас ишьҭԥрааз уакәушәа,
Улабҿабоушәа, улакәушәа.

Гәында Кәыҵниаԥҳа

#алирика

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ажәлар малс иҳамоуп иеиԥш иҟоу ауаа – иахьа изымшироу Аԥсны Афырхаҵа Аслан Кәабахьиа. Диит Лыхны ақыҭан 65 шықәса раԥхьа, ахыи-аҵыхәеи ифырхаҵоу, абџьарлагьы, ажәалагьы, услагьы хьаԥш-кәаԥшрак ҟамҵа зыԥсадгьыл аинтересқәа зыхьчо, гәышԥыла иазгыло.

Аслан Кәабахьиа – аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, аинрал-маиор, Аԥсны Жәлар реизара V ааԥхьара адепутат, ԥыхьатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.

Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, адҵаҟаҵаҩ, далахәын Гагра ахақәиҭра, Аҟәа ахақәиҭразы ажәыларақәа зегьы; Гал араион арыцқьара, Лаҭатәи аоперациақәа аҩбагьы, Кәыдры аиҩхаа аҭарцәра. Аибашьра ашьҭахь Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы. Дхаҵаӷәӷәоуп, дԥышәоуп. Ихьыԥшым Аԥсны ашьапы ақәгылара иашаҳаҭу, инижьхьеит хыԥхьаӡара рацәала аҭоурых азы хәы змам астатиақәеи анҵамҭақәеи.

Шәарҭак аныҟоу, ажәлар еиқәзырхаша ак ҟарымҵар ада ԥсыхәа шрымам еилыркаауеит иара иҩызцәа агәаҵәеилгақәа. Наџьнатә аахыс иахьанӡагьы. Иҭаацәеи ижәлари дрыԥхамкәа, дызҭаху зегьы дрыгымкәа ауаҩықәра ду ниҵааит, ҽаангьы-цахәгьы-цабжьгьы зашәахә ԥымҵәаша афырхаҵа. Хьыӡла-ԥшала, гәыӷра лашала, насыԥла!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсуаа ргәамч агәра игон, Аиааира агәра игон — амцашыра ишалҵуаз иаҳа ииашоу, иаҳа иҟәыӷоу жәларны. Ҳаиқәхоит, ҳагьеиҭеиуеит иҳәон, ҳшыҟаз аасҭа ҳаиӷьны, доуҳала иҵегь ҳҳаракны, ҳацқьаны, ҭаҷкәымкны ҳаилаҵәаны.

Аԥсны Афырхаҵа, ахаҵа ихаҵа Мушьни Хәарцкьиа диижьҭеи иахьа 70 шықәса ҵуеит. Ахаҵара ициит, иагьиҭынхеит, ахааназ кьаҭара зқәым ахьӡ-аԥша ацны.

Аҵарауаҩ нага, аибашьҩы гәымшәа изку инеиҵыху аматериал шәаԥхьар шәылшоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 70 шықәса ихыҵуан Аԥсны Афырхаҵа, Гагратәи I абаталион аиҳабы Џьамал Чыргба.

Иеиԥш иҟоу ахацәа рзы ирҳәоит даниуаз баша имхысит ҳәа. Диит Лыхны ақыҭан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иаветеранцәаз (аҩыџьагьы ргәышԥқәа медалԥсараха), аԥсуа ҵеицәа иашақәа зааӡаз Владимир Чыргбеи Ольга Арнауҭԥҳаи рҭаацәараҿы.

Аҷкәын аспорт дазҟазаны изҳауан, дықәԥаҩын, аиааирақәа рацәаӡаны игахьан Аԥсны, уи анҭыҵ. Ҩынтә Аԥсны ачемпионс дҟалеит. Донецк абаҩрҵәыратә техникум данҭала, уагьы ақалақь ачемпионс дыҟан.

Иҵара хыркәшаны аҩныҟа данаа, Гагра араион ахь рҵаҩыс дрышьҭуеит. Алаҳаӡытәи ашкол аҟны абаҩрҵәыра дирҵон, аҿар аспорт иазыҟаиҵон. Гаграа ашколхәыҷқәа иара инапхгарала аицлабра "Зарница" аҟны Қырҭтәыла иачемпионцәахон изныкымкәа. Жәаа шықәса иџьабаа адиҵеит аҵара-ааӡара аус.

Аԥсны аӷа данақәла аҽныҵәҟьа Џьамал Чыргба иашьцәа ҩыџьагьы иаргьы еибашьра игылеит. Аҟәа ианалҵтәха, алеи-ԥси рыбжьара икәша-мыкәша шәара зқәымыз иҩызцәа еизигеит: аспортсменцәа, ашьханыҟәацәа-шәарыцацәа. Даазықәгәыӷыз зегь ивагылеит — лхаа, дәрыԥшьаа, афонаа, гаграа рыҷкәынцәа. Иеибашьцәа раԥхьа дгыланы алым еиԥш дықәԥон иаргьы.

Гагра анырга аамышьҭахь Џьамал Чыргба ибаталион иадын Ԥсоу аҳәааи Аибӷа ашьхеи рыхьчара. Анаҩс Аҟәа ахақәиҭрахь ҳназгоз ажәыларақәа зегьы ирылахәын, рылша рацәоуп.

Џьамал Чыргба афырхацәа рыбжьарагьы иаарылукаауаз иакәын ҳәа дыргәаладыршәоит ицеибашьуаз иҩызцәа. "Эталонный, природный абхаз" ҳәа ихцәажәоит нхыҵаа ҳашьцәагьы.

Аибашьра ашьҭахь ибаталион Гал аҳәааҿы иҷаԥшьон, Аԥсны аҭынчра рыхьчон.

Џьамал Чыргба иаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит 1999 шықәсазы. Акыршықәса аус ахьиуаз Алаҳаӡытәи 1-тәи абжьаратә школ иара ихьӡ ахуп. Ихьӡ кашәара ақәымзааит Аԥсназы зхы-зыԥсы иамеигӡоз агәымшәа!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иахьа 65 шықәса ихыҵит Аԥсны Афырхаҵа, аполковник, Леон иорден занашьоу, агәыԥ "Душман" аиҳабы Оҭар Ԥалаванӡиа.

Оҭар Ԥалаванӡиа Афганистан деибашьуан, ахәра иоухьан. 1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи раԥхьатәи реидыслара далахәын, афорум "Аидгылара" далан. 1989-1991 шықәсқәа рзы Аԥсны ахьчара иазкыз арра-резервтә еиҿкаарақәа рахь хатәгәаԥхарала инеиз арԥарацәа дыруаӡәкуп. Егры аҳәааҿы дҷаԥшьон.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Ацҳа ҟаԥшь аҟны аӷа диҿагылеит. Зны Гәымсҭатәи афронт зырӷәӷәоз дреиуан, анаҩс Мрагыларатәи афронт аҿы адҵақәа назыгӡаша 60-ҩык злаз агәыԥ еиҿикааит. Дҵаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ "Душман" аибашьцәа Тамшь, Кындыӷ, Лабра арратә операциақәа ирылахәын. Аибашьра аилгамҭаз Аҟәа ахы иақәиҭыртәуан, Егрынӡа инаӡеит.

Ҩ-еибашьрак рветеран Оҭар Ԥалаванӡиа иԥсадгьыл амаҵ аура иациҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра дахәҭакны. Агәабзиара-агәамч изеиӷьаҳшьоит. Ажәлар рныҳәаԥхьыӡ игымзааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
ЗЕГЬ РЕИҲА ИХААУ

– Адунеи аҟны аханқәеи аҩнқәеи рацәоуп: аду уҭахума, ахәыҷы уҭахума, ажәытәтәиқәа, аҿатәтәиқәа зҳәаз еиԥш. Убарҭ рызегь иреиӷьу арбану? – ҳәа Чаҵә Чагә иазҵааит ҽнак зны.
– Ухатәы! – иҳәеит.
– Ус акәзар, убри ухатәы ҩнаҿы зегь реиҳа ихааузеи? – рҳәан, еиҭаиазҵааит.
– Ухатәы бызшәа! – иҳәеит Чагә. – Уи абри ҳадунеи аҟны зегь реиҳагьы ихаауп!


* * *
Чаҵә Чагә – аԥсуа лафҳәаҩ, ажәабжьҳәаҩ ду, ԥсабарала абаҩҷыдеи ахшыҩ ҷыдеи занашьаз, ихаҭа ф-бызшәак идыруан рҳәоит. Аԥсшәеи абаза бызшәеи рнаҩс, аҟабарда бызшәа, абырзен бызшәа, аџьам бызшәа, аҭырқәшәа, аурысшәа дрылацәажәартә дыҟан. Диит 1835 шықәсазы Гәыԥ ақыҭан, Чаҵәқыҭ аҳаблан — диижьҭеи сынтәа 190 шықәса ҵуеит.

Чаҵә Чагә Аԥсны ахы-аҵыхәа дахьазымдыруаз ыҟамызт, унеишь-уааишь зарҳәоз иакәын. Иԥсы ҭаны Абас Коӷониа иҩнаҭа акыр даҭаахьан, Иуа дхәыҷны, илымҳа кыдҵаны дыззыӡырҩуаз аҿаԥыцуаа дреиуан. Акыршықәса рнаҩсгьы ажәлар имырӡкәа иааргеит илафқәа, иҭоурыхқәа рацәаӡаны. Ҩышә инарзынаԥшуа иҳәамҭақәеи, иара ихҳәаау ажәабжьқәеи еидкыланы иҭижьит ашәҟәыҩҩы Заур Быҭәба.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
22.03.202516:00
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу апоет, аиҭагаҩ, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа лықәраныҳәоуп иахьа. 💐🦋

Аԥсшәа сахьарк алшара џьашьахәқәа цәырызгаз, ҳаамҭазтәи алитература еихазҳа-еиҵазҳауа (ахәыҷтәы литературагьы уахь иналаҵаны), зырҿиара аоригинал-цәа ахоу автор — иҭлыжьхьеит 10 инареиҳаны зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку ажәеинраалақәа реизгақәа. Аԥсшәахь еиҭалгеит Апсалтыр, Ахәыҷтәы библиа, адоуҳашәақәа, ахьыӡрашәақәа, Ауаҩы изинқәа рзы адунеизегьтәи адекларациа уҳәа убас иҵегь хра злоу ашәҟәқәа. Лырҿиара згәаԥхо, иззааигәоу аԥхьаҩцәа рацәаҩны илымоуп, еснагь ҿыц лыбжьы иазыԥшуп.

Ҽаанбзиала, ааԥын иалашоу, аԥсуа ажәа аиқәырхара иазааԥсо!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳаҵгәалароуп – хаҵарами;
Аҳаҳаира!
Уа, ҳа иҳацииз қәԥарами;
Аҳаҳаира!
Зҵеи лашара дзыцәҭахазгьы;
Аҳаҳаира!
Ахәра хьанҭақәа ззынхазгьы;
Аҳаҳаира!
Ҳа ҳазцәымӷу зегьы рцасаз;
Аҳаҳаира!
Ҳазҭахугьы гәырӷьаларцаз;
Аҳаҳаира!
Адунеи зегь ҿаҳа-дагәоуп;
Аҳаҳаира!
Иҳарҿыхоит, ҽа хәыҷӡакоуп;
Аҳаҳаира!
Ашәа еиҭамшәа, ашәа гәахәа;
Аҳаҳаира!
Ҳаит ахацәа, шәнаха-наха;
Аҳаҳаира!
Амца иалга ҳамҩа нагоуп;
Аҳаҳаира!
Ҳажәҩан зырлашо ҳбираҟоуп;
Аҳаҳаира!

Рушьбеи Смыр

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Пераслаў з:
Sputnik Аԥсны avatar
Sputnik Аԥсны
25.03.202506:01
Аԥсуа телехәаԥшра арежиссиор, аоператор Амиран Гамгиа иахьа иԥсы ҭаны иҩызцәа дрылагылазҭгьы 75 шықәса ихыҵуазаарын.

Иара амилаҭтә телехәаԥшра ашьақәгылара ахыҵхырҭаҿы игылаз дыруаӡәкын. Ателехәаԥшра аусзуҩцәа иахьагьы ирҳәоит "Амиран дышԥаҳагу" ҳәа.

"Аиашазы, иара данаҳцәыӡ нахыс, ҳахуаадахазшәа ҳааҟалеит, иҳагуп згәаанагара аахтны изҳәоз, абзиеи ацәгьеи еилзыршәшәоз арежиссиор ихыԥша. Наџь-натә аахыс аус зуа анааилатәо иргәаладыршәоит сарказмла иҭәу еицырдыруа Амиран иажәақәа: "Ателехәаԥшраҿы ихадоу аҳасабеилыргаҩцәа роуп" ҳәа. Иара арҭ ажәақәа ихы иаирхәон ҳусураҿы аҟазацәа раҳаҭыр иҵегьы ишьҭыхзарц ахьиҭахыз аҟынтә. Амиран ҟазшьас иман амаҭәар ахьӡ аҳәара, днавала-аавало акәымкәа", —
абас дылгәалалыршәоит ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа, шықәсқәак раԥхьа Аԥсуа телехәаԥшра амш азы Амиран Гамгиа изкны илыҩхьаз аматериал аҟны.

Арежиссиор инапы ианыз аиҿкааратә усқәа инарҷыданы, авторс дрыман еиуеиԥшымыз апроектқәа. аибашьра иазкыз анҵамҭақәа ицҟеиҵон ажурналист Даур Инаԥшьба.

Ателехәаԥшра аус анаҩсангьы, Амиран инапы иҵихит ателеновеллақәа "Татчкеи Кьышьуарди", "Абасгьы ҟалахьеит", "Сыхаара Б" уҳәа, иахьагьы ҳархив абеирақәа ирхыԥхьаӡало аусумҭақәа.

Амиран Гамгиа иԥсҭазаара далҵит жьҭаара 2 2009 шықәсазы.
Увайдзіце, каб разблакаваць больш функцый.