Ахьыуардын
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
关联群组
"Ахьыуардын" 群组最新帖子
转发自:
Sputnik Аԥсны

16.05.202517:41
Владислав Арӡынба ԥсыуак иаҳасабала иныҟәигоз адоуҳамч ҳнырыр — аԥсуаа ҳаиқәхоит, абас иҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.
"Арӡынба дзакәыз аҳәара цәгьоуп, аҳәара мариам. Иара ихылҵуаз аԥхарра, илакҭа, иԥшышьа иаҳәо, иччашьа иаҳәо — зегьы рыԥсы ҭан. Ҩнуҵҟала даара дҵаулан, дҭышәынтәалан, иаагатәу-иахьаагатәу здыруаз иакәын. Ԥсыуак иаҳасабала аԥсуа жәлар ирыдҳәалаз азҵаарақәа зегьы дырзааигәан, иара ҩнуҵҟала амч ду иман, агәи-агәаҵәеи иӷран ", — иҳәеит Ҳагба.
Ҳагба иажәақәа рыла, Владислав Арӡынбеи иареи реиԥыларақәеи реицәажәарақәеи гәыблыла ауп ишигәалашәо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.

14.05.202509:50
ЖӘЛАР РԤЫЗА
Владислав Арӡынба изкны
Ԥызада изныҟәом ашәарахқәа,
Аԥсаатә ԥызада иԥырӡом!
Ахрақәагь иргәылҳәҳәоит ахра,
Руак хра-гәаԥшьымхар ауӡом!
Ҳзықәшәаз гәаҭан, имҳәа-мырза,
Ҿыц даҳзылԥха, ҳагәцаракны,
Анцәа дҳаиҭеит ҳара аԥыза,
Ҳҿахәы иҳәарцаз инагӡаны!
Изгәаӷьхьада иигәаӷьызгьы,
Агәылшьап асаса еихырҟаны,
Иҭахуп иацәигарц иафахьазгьы,
Иҭахуп ирхынҳәырц ҳ-Аԥсны!
Аҳаҳаи, амарџьа, шәеиҵамхан,
Аӡә ухьамҵын ушәаны!
Зџьынџь аҵеира уажә иаԥсамхаз,
Ахаан дҟалашам даԥсаны!
Ас афрауаҩ данҳаԥыза,
Анцәа данҳаиҭа уи дразҟны,
Џьарак ҳаилаҵәап ҳаиԥшны ахызаҵә,
Ҳнеилымшәо ҳнеилап ҳаихьыԥшны!
Витали Амаршьан, 1992
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Владислав Арӡынба изкны
Ԥызада изныҟәом ашәарахқәа,
Аԥсаатә ԥызада иԥырӡом!
Ахрақәагь иргәылҳәҳәоит ахра,
Руак хра-гәаԥшьымхар ауӡом!
Ҳзықәшәаз гәаҭан, имҳәа-мырза,
Ҿыц даҳзылԥха, ҳагәцаракны,
Анцәа дҳаиҭеит ҳара аԥыза,
Ҳҿахәы иҳәарцаз инагӡаны!
Изгәаӷьхьада иигәаӷьызгьы,
Агәылшьап асаса еихырҟаны,
Иҭахуп иацәигарц иафахьазгьы,
Иҭахуп ирхынҳәырц ҳ-Аԥсны!
Аҳаҳаи, амарџьа, шәеиҵамхан,
Аӡә ухьамҵын ушәаны!
Зџьынџь аҵеира уажә иаԥсамхаз,
Ахаан дҟалашам даԥсаны!
Ас афрауаҩ данҳаԥыза,
Анцәа данҳаиҭа уи дразҟны,
Џьарак ҳаилаҵәап ҳаиԥшны ахызаҵә,
Ҳнеилымшәо ҳнеилап ҳаихьыԥшны!
Витали Амаршьан, 1992
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

14.05.202507:46
♾️ НАУНАГӠА ВЛАДИСЛАВ ♾️
Зыжәлар ахьыԥшымра рзаазгаз, зыԥсадгьыл ахы иақәиҭны ахԥатәи азқьышықәса иҭазгалаз, аԥсуаа ҳанаҟанаҵ ҳҿы зырцәажәо, Аԥсны рҳәонаҵы — зыхьӡ камшәо!
Ҳмилаҭ ирылиааз аԥыза, ахыбаҩ, афырхаҵа Владислав Арӡынба диижьҭеи иахьа 80 шықәса ҵуеит.
🏔 🏔 🏔
Нас аԥсроума шәарҭас иҟоу?
Мап, зынӡак уи башами,
Акрынужьзар дызхьыԥшыша адә иқәымлац асаби!
Иулшазар ҳа ҳабацәа рыламыс анацҵара,
Еиқәырхазар рхәышҭаарамца, рашәақәа, рфырхаҵара!
Рушьбеи Смыр

12.05.202515:15
"...Акинотеатр "Аԥсны" ахьыҟоу аԥхьа дсықәшәеит иара. Аӡшәах еиԥш ихахәы ҟәашӡа, деиқәҷаб деилаҳәаны, илаба хылакьыта асфальт инықәкшо дааиуан Дырмит. Сааникылан, ҳамҭак дсацәажәо дгылан, данындәықәлоз:
– Мшәан, ани уажәеинраала шалгоз схамышҭи, зшоура хьшәашәаз ҳәа акәу, зшоура лаҟәыз ҳәа акәу? – дҵааит иара.
Дырмит даахәыцит.
– Ашоураҵәҟьа акәзар узлацәажәо, иаҳҳәап, нас, ауаҩы данычмазаҩу ишьҭихуа, ма нанҳәа мзазы иҟоу ашоура, усҟан ихьшәашәеит ҳәа узҳәомызт, ма ашоура лаҟәит уҳәар акәын. Уара узҿу апоезиа мца ауп, агәы цаҳәцаҳә ауп. Уи ашоура ауп ихьшәашәарц иуҭахым. Ажәа "ахьшәашәа" ара даара иақәнагоит. Ус акәымзар, уа уазхәыци арҭ ажәақәа реидҳәалашьа, насгьы ирыҵаркуа: "Ҳаи, уара аԥсы!" – ари иӷәӷәаны иҳәоуп, аха "Ҳаи, уара аԥсы хьшәашәа!" иаҳагьы иӷәӷәаны иҳәоуп. Мамзаргьы ус рымҳәои: "Деиқәыхьшәашәа дтәан", "Дыхьшәашәаӡа даҳԥылеит". Ажәакала, "ахьшәашәа" ара аҩныҵҟатәи ауаҩы ицәалашәара аанарԥшуеит, убри аҟнытә уара уцәаҳәа: "Зшоура хьшәашәаз уи дпоетым!" ицәгьамкәаны иҳәоуп.
Дырмит Гәлиа ииҳәаз уамашәа сархәыцит. Сара сцәаҳәаҿы машәыршәа акәхап ажәақәа шеиқәшәаз, акәымзар, усҟан урҭ ас реилыԥшаара абасылшоз. Аха уинахыс ажәақәа ршәара, рыкапанра мыцхәы сҽадысцало салагеит. Акы зҩырц санынатәоз Дырмит исеиҳәаз аасгәалашәон, нас ашәарыцаҩ иеиԥш ажәақәа среиҩаӡо снарышьҭалон".
Баграт Шьынқәба, 1966
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
– Мшәан, ани уажәеинраала шалгоз схамышҭи, зшоура хьшәашәаз ҳәа акәу, зшоура лаҟәыз ҳәа акәу? – дҵааит иара.
– "Зшоура хьшәашәаз уи дпоетым, Аԥшқа иԥхыӡ еиԥш наҟ дымҩасуеит", – сҳәеит сара.
Дырмит даахәыцит.
– Ашоураҵәҟьа акәзар узлацәажәо, иаҳҳәап, нас, ауаҩы данычмазаҩу ишьҭихуа, ма нанҳәа мзазы иҟоу ашоура, усҟан ихьшәашәеит ҳәа узҳәомызт, ма ашоура лаҟәит уҳәар акәын. Уара узҿу апоезиа мца ауп, агәы цаҳәцаҳә ауп. Уи ашоура ауп ихьшәашәарц иуҭахым. Ажәа "ахьшәашәа" ара даара иақәнагоит. Ус акәымзар, уа уазхәыци арҭ ажәақәа реидҳәалашьа, насгьы ирыҵаркуа: "Ҳаи, уара аԥсы!" – ари иӷәӷәаны иҳәоуп, аха "Ҳаи, уара аԥсы хьшәашәа!" иаҳагьы иӷәӷәаны иҳәоуп. Мамзаргьы ус рымҳәои: "Деиқәыхьшәашәа дтәан", "Дыхьшәашәаӡа даҳԥылеит". Ажәакала, "ахьшәашәа" ара аҩныҵҟатәи ауаҩы ицәалашәара аанарԥшуеит, убри аҟнытә уара уцәаҳәа: "Зшоура хьшәашәаз уи дпоетым!" ицәгьамкәаны иҳәоуп.
Дырмит Гәлиа ииҳәаз уамашәа сархәыцит. Сара сцәаҳәаҿы машәыршәа акәхап ажәақәа шеиқәшәаз, акәымзар, усҟан урҭ ас реилыԥшаара абасылшоз. Аха уинахыс ажәақәа ршәара, рыкапанра мыцхәы сҽадысцало салагеит. Акы зҩырц санынатәоз Дырмит исеиҳәаз аасгәалашәон, нас ашәарыцаҩ иеиԥш ажәақәа среиҩаӡо снарышьҭалон".
Баграт Шьынқәба, 1966
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

12.05.202515:09
Баграт Шьынқәба раԥхьаӡатәи ишәҟәы ацәа — 1938 шықәсазы иҭыҵыз, Виктор Кәыкәба редакторс дызмаз аизга "Аԥхьатәи ашәақәа". Ари аамҭазы иара дышқәыԥшӡаз иаԥиҵахьан рацәа деицырдыруа дҟазҵаз ажәеинраалақәа: "Аԥхыӡ", "Ҭагалантәи абаҳча", "Кофҭа шкәакәа", "Исаҳаит ирҳәамҭан ҳабацәа", "Аеҵәақәа еиԥшны иԥхашам", "Сҩыза исеиҳәон, дад, уаҳҭаа" уҳәа егьырҭгьы.
Баграт Шьынқәба, 1936
Ҩ-куплетк иҟоу ари ажәеинраала апоет ҿа имаирҽхәеит имҩа иақәныҳәаз аԥсуа литература абду Дырмит Гәлиа. Даҽа ҩажәа шықәса рнаҩс "Ашықәсқәа рышьҭа" захьӡу игәалашәарақәа рҿы уи атәы гәыблыла еиҭеиҳәон.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аеҵәақәа еиԥшны иԥхашам,
Ашәҭқәа фҩыла зегьгьы бзиам.
Ажәа рҭәамзар, иԥшӡахашам,
Гәыла ирԥхамзар – уи поезиам.
Ага ԥшала зых иақәиҭым
Ацәқәырԥ ҭынчым, ацаҟь иасуеит.
Зшоура хьшәашәаз – уи дпоетым,
Аԥшқа иԥхыӡ еиԥш наҟ дымҩасуеит.
Баграт Шьынқәба, 1936
Ҩ-куплетк иҟоу ари ажәеинраала апоет ҿа имаирҽхәеит имҩа иақәныҳәаз аԥсуа литература абду Дырмит Гәлиа. Даҽа ҩажәа шықәса рнаҩс "Ашықәсқәа рышьҭа" захьӡу игәалашәарақәа рҿы уи атәы гәыблыла еиҭеиҳәон.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

12.05.202507:05
"Насыԥ имоуп ашәҟәыҩҩы есышьжьымҭан ихы цқьаӡа ишыҟоу иҩырҭа астол днадтәаланы аус зуа, аԥхӡы казҭәо. Уи еиԥш аамҭа сара исымамызт. Аха уеизгьы, егьа схы гәыбӷан асҭаргьы, хымԥада иҳақуп абраҟа иазгәаҭазар: исылшаз ахәыҷы, хықәкыла сҩымҭақәа — сгәамчи, сыхшыҩи меигӡарахда иззысҭахыз, сыԥсы иалысхыз, сгәаҵа иҭысҳәааз, иреиӷьыз сымшқәа зықәнысхыз ҭынхақәоуп.
Ацҳаҵәыры санықәлоз, саабрыр аӡы исцәагоит ҳәа, аарцә ишьҭаҵаны ацҳа сықәымлеит, аҩадара цәгьа санаҿалоз, исцәыхьанҭахоит ҳәа сшәаны, ашьаҟьасҭараҿы ишьҭаҵаны скыдымлеит. Амаҵура ҳарак ахь саннеиуаз, ара санықәҵуа иаашьҭысхып ҳәа, ашә аҿы ишьҭаҵаны сыҩнамлеит. Уи сыԥсҭазаара ахаҭа акәын, иареи сареи еиҟәыҭхашьа ҳамамызт".
✍🏻 БАГРАТ ШЬЫНҚӘБА
Аԥсны Жәлар рпоет, академик, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ диит иахьшәны: 12.05.1917
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Сара апоезиа ҽхьынҵас исымамызт, сахьцалак сгәы иадҳәалан.
Ацҳаҵәыры санықәлоз, саабрыр аӡы исцәагоит ҳәа, аарцә ишьҭаҵаны ацҳа сықәымлеит, аҩадара цәгьа санаҿалоз, исцәыхьанҭахоит ҳәа сшәаны, ашьаҟьасҭараҿы ишьҭаҵаны скыдымлеит. Амаҵура ҳарак ахь саннеиуаз, ара санықәҵуа иаашьҭысхып ҳәа, ашә аҿы ишьҭаҵаны сыҩнамлеит. Уи сыԥсҭазаара ахаҭа акәын, иареи сареи еиҟәыҭхашьа ҳамамызт".
✍🏻 БАГРАТ ШЬЫНҚӘБА
Аԥсны Жәлар рпоет, академик, аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ диит иахьшәны: 12.05.1917
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

10.05.202503:45
АҼЫҚӘЫРГЫЛАРА
Аҽыз кәадырны ашҭа иҭагылоуп,
Аҽыҩ иадырит, алахь еиқәуп.
Ҽазных иубар, аҽхыцәгьа узынкылом,
Уажә аӷәра иахом, ҷкәынак икуп.
Аҽыз кәадырны ашҭа иҭагылоуп,
Аҽыҩ ааԥсом, шәыла иҭаҳәҳәоуп.
Аҽгьы гәырҩоит – ианыруеит гәыла,
Аҽыбӷаҟаза дҽыжәым дкахәхәа.
Иахьа лахьеиқәроуп ашҭа ҭзырҭәаазгьы,
Аџьынџь иаԥхаз дшаԥсаҵәҟьазгьы рбоит.
Игәеилгароуп игәеисра еиқәзыртәазгьы,
Аҽыбӷаҟаза иҽызгьы џьабоит.
Иқә-иҵас азарҳәацәа агым,
Аԥсҭбара иацу қьабзны иаԥҵоу.
Абар, шьҭа абла нҭаауеит амырхәага,
Ргәы ҿызкааз хьаауп ахәра ианҵоу.
Вахтанг Аԥҳазоу, 2009
🔺NB: Иацтәи анҵамҭа инашьҭарххны — Гәдоуҭатәи абаҟа иаанарԥшуеит аҽыбӷаҟаза инышәаҭараан имҩаԥыргоз аҽы́қәыргылара асиужет. Аҽыбӷақәыршә даҽакала "аҭарче́и" ҳәагьы иашьҭан. Ус анакәха, ари ажәа х-ҵакык шьҭнахуеит: 1 абираҟ; 2 аԥсхәраантәи аҽырхәмарра; 3 абӷақәыршә. Бзыԥтәи адиалект аҿы иуԥылоит авариант "аҽарҭе́и".

09.05.202516:51
Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа агәҭа игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз рбаҟа амонументалтә ҟазара иреиӷьӡоу аҿырԥштәқәа иреиуоуп. Аскульптор нага Марина Ешԥҳаи архитектор Ҭамара Лакрԥҳаи иаԥырҵаз ари абаҟа аиԥш зеиԥшу даҽак ыҟамызт адунеи аҿы. Аԥхьаӡа инаргыланы, акомпозициатә еиҿкаашьала. Иара иаанарԥшуеит ҳажәлар ари Аиааира ишахҭнырҵаз ирымоу иреиӷьыз — иреиӷьыз рҵеицәа зықьҩыла.
Хадара зуа Ан-аԥсадгьыл лхаҿсахьа арыӷьарахьала иаҳбоит Аҽықәыргылара асиужет — ԥсыуала аџьабара, ԥсыуала афырхаҵа имҩаԥгара. Иҳәатәуп, Ешԥҳа абаҟа аидеиа даназхәыцуаз аамҭақәа рзы аԥсуаа хаз милаҭны ҳшыҟоу, ҳхатә ҵас-қьабзқәа шҳамоу атәы иаахтны аҳәара ус иагьшымариамыз. Аха лыгәҭакы налыгӡеит, аԥсуа цәа зху абаҟа лчаԥеит. Уавсцыԥхьаӡа улаԥш адхало, ицырцыруа игылоуп иахьагьы. Иҿымцәаауа амца аҭыԥ аханатә иазгәаҭаны.
Абаҟа аартын 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Ауаа иргәаԥхеит даара, лхаа уи аҩызак дара рқыҭангьы иҟаларц аҳәара ҟарҵеит, аԥара еизыргеит. (Лыхнытәи абаҟагьы авторс дамоуп Марина Ешԥҳа).
***
Аԥсы дандәылыргалак иҽы ықәдыргылон ашәы ахьыссы — абӷақәы́ршә еиқәаҵәа ахаршәны, убригьы аҭарчеи ҳәа иашьҭан, иара ахаҭа аҽы́қәгыла ахьӡын. Аҭарчеи аҵакы хада (поминальные скачки) — хьӡи-ԥшеи зырҳаз ахаҵа иԥсхәраан имҩаԥыргоз ҽырхәмарроуп. Уи алахәра зылшашаз аҽы аҽӷы́жәаа ҳәа иашьҭан.

09.05.202507:55
Аиааира Ду амш шәадныҳәалазааит, акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа! 🏵
80 шықәса ҵит уи аибашьра хлымӡаах аҟны аҵыхәтәантәи ахысбжьқәа еиқәтәеижьҭеи, афашизм ашьапы аҵхны, иҵҟьашәҟьа иқәҵеижьҭеи. Миллионҩыла ауаа рразҟы иаҿҳәаран ари амш, миллионҩыла ауаа ҭахеит ишааргоз, ишазԥшыз, ргәыӷра ишалаз. Аԥсуа ишьеи иԥхӡи ахькамҭәаз дгьыл хьӡык нымхаӡеит Кавказ ашьхақәа инадыркны Берлинынӡа. Қыҭа-қыҭала иҟоуп зышә акыз аҩнаҭақәа. Иҟоуп ҩыџьа, хҩык, ԥшьҩык зыԥхақәаз. Ргәалашәара ԥшьазааит наӡаӡа! Хашҭра рықәмыз аиаша иазықәԥоз зегьы! Иҟалааит адунеиаҿ аҭынчра!
🎗 🎗 🎗
...Уа солдаҭк игәыӷырҭа ашәа
Зегьы иаҳгәыӷырҭан,
Уа солдаҭк иԥсымра хьшәашәа
Зегьы ҳзы хьҭышьран.
Уа иҭахозгьы, еибгала инхозгьы –
Зегьы акы иазкын,
Аиааира амш! Аиааира амш!
Зегь абри ҳҭахын.
О, сгәалашәара, сыргәаҭеиуа,
Афронт ахь сагауеит.
Сҩызцәа рыбжаҩык збомаз,
Солдаҭҵас сгәы ԥшаауеит.
Аха аӡәымзар-аӡәы хашҭра иқәым,
Зегь ҳгәаҿы иҩуп,
Акымзарак хашҭра ҳәа ақәым.
Аҭоурых иануп.
Алықьса Џьонуа

08.05.202514:28
Ашәҟәҩыра адунеи амаа амазар, иара икын ҩ-напык рыла. Аԥсуа литература узалацәажәаӡом ихьӡ мҳәакәа. Аԥсшәа амҽхак уздырӡом иҩымҭакәа урмыԥхьацкәа. Дымԥсӡеит, идунеи иԥсахит Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Игәылыршәаны иаазырԥшыз ҳмилаҭ хаҿра, ҳмилаҭ ҟазшьа (национальная идентичность). Иаззырҳаз ҳахдырра. Блаҵарыла, гәеицҳарыла, зеиԥш ыҟам баҩхатәра ссирла, имеицакуа. Ирҿиара нацәақәкра амамкәа, инысымҩа быбыцк хыршәламкәа. Дцоит, ҩымҭацыԥхьаӡа Ҩаӡамакьаҭ аҳаԥшьа иҭигазшәа, нҵәара зқәым адоуҳатә мал ҳазныжьны. Ҳара ҳанхон Гогәуа ихаан, иара даанхоит ахаан. Ҳабызшәа агәы зыреисхьоу адуӡӡақәа рыбжьара иалкаау ихатә ҭыԥ иманы.
Алықьса Гогәуа — ҳахьӡ-ҳаԥша! Ижәлар ргәы дшабылуаз инарцәымҩа дықәлеит. Иԥсаҭа лашахааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Алықьса Гогәуа — ҳахьӡ-ҳаԥша! Ижәлар ргәы дшабылуаз инарцәымҩа дықәлеит. Иԥсаҭа лашахааит!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
06.05.202508:27
Кыр иалаҟан инхо ишԥаизырҳәо?
(живет богато; в достатке; ни в чем не нуждается)
• Иԥсы илоуп;
• Иԥсы еивыган дыҟоуп;
• Акрыикуп;
• Акы дазрыцҳам;
• Акы дахашшаауам;
• Аԥара-ашьара игӡам;
• Иизымхо ҳәа егьыҟам;
• Инхара-нҵыра еихачаԥоуп;
• Зегь рыла деиқәшәоуп.
Уаанӡа иҵегь ишԥарҳәоз?
• Хəшала дчоит // цха-хәшала дчоит;
• Ахш аӡы амҭакәа ижәуеит;
• Ҳәызбеи кәаци еиқәихуам;
• Аҿеи ажəи еиқәиԥсоит;
• Ишьхымзагəара аҽыуаҩ дзакəшом;
• Икәты ҩыԥса иашҭа иазкуам;
• Иԥсасеи ишьамаҟеи уаҩы изыԥхьаӡом;
• Ирахә-ишәахә рзеихцом;
• Зқьы ааӡаны шәкы абна илеиҵоит;
• Иӷьӷьара дууп // иҭбаауп;
• Еиҭаҳәаны дыҟоуп // еиҭаҳәара имоуп;
• Аныҳəаҩ ихы идиныҳəалартә дыҟоуп.
• Дыбзанхаҩуп.
🏠 Абзанхара — иреиҳаӡоу малуп.

06.05.202507:51
Дасу иашҭа, иҩны-игәара,
Дасу иқыҭа, ихы-ихшара,
Дасу имца, ихәышҭаара –
Гәашьамхс иаҵоуп ҳ-Аԥсынра!
Витали Амаршьан
* * *
◊ Зыӷьӷьара дуу ҩнаҭоуп – иаанагои?
👇
"Рыӷьӷьара дууп" ҳәа рзырҳәоит ибзанхацәоу, кыр иалаҟоу, знеи-ааи рацәоу, зчеиџьыка ҭбаау аҭаацәа. "Ачуан ду аӷьӷьарагь дууп" – в богатом доме всегда есть, чем поживиться.

04.05.202506:43
🧩 Ааԥынтәи ажәахырҿиаара
Араԥса́, араса́ԥса, а́лԥса (сережки грецкого ореха; лещины; ольхи)
Ҩ-шьаҭак реилаларала ишьақәгылаз ажәақәоуп: аҵла ахьӡ + ԥса.
Ажәахырҿиааратә елемент -ԥса араҟа ахатә семантика амаӡам, аха иаанарԥшуеит арацәареи аԥшӡакреи, еиҳа инҭкааны иуҳәозар, "акы иарганы аҩычара". Иара ус ҳажәаҳәаҿы суффиксны иаҳԥылоит, иаҳҳәап:
▫️ Имаҟа ҟәынаԥсараха, ихҭарԥа чыхәԥсараха, лыҵкы џьоуҳарԥсараха, лнацәақәа мацәазԥсараха.
Араԥса, араԥса-қәа — арацәа хыԥхьаӡара шьҭнахуеит, аизгаратә ҵакы амаӡам, иаҳҳәап "ашьаҟьар" еиԥш. Аха раԥсакгьы абыбыц зырҳауа ашәҭ ссақәа рацәаӡаны иаҿоуп, аԥшлапҟьа абларҭақәа реиԥш еиваӷӷа иҟоуп.
▫️ Асуффикс -ԥса "ахә" ахьаанаго аҿырԥштәқәа еизаҳгеит абра>>
#ажәахырҿиаара

01.05.202509:10
Апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа диижьҭеи 110 шықәса ҵуеит иахьа. Збаҩхатәреи здырреи еицназгоз аҵеи, зҩымҭақәа ухамшҭуа автор. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит дышқәыԥшыз, 1930-тәи ашықәсқәа рзы еиҵагылоз апоетцәа ҿарацәа даарылукаауа. Аҵара иҵон Аҟәа, Москва (ажурналистикатә институт), Калининград (арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет). Аус иуан Тҟәарчал ашкол арҵаҩыс, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аламҭалаз аррахь иԥхьеит, аибашьра амцашыра далагылан. Зны дсолдаҭын, нас дпартизанын. Игәабзиара ҵызшәааз ахәра цәгьа иоуит. 1944 шықәсазы Аԥсныҟа дааит, аусура дазыгьежьит, икалам шикыц икын. Аха иашәеи иԥсҭазаареи заа иҿахҵәарц иҟан, ихәрақәа рымшала дықәрахьымӡаны дымҩасит.
35 шықәса роуп иниҵыз аԥсуа литература аҿиараҿы злагала дуу, зышьҭа ԥшӡоу Қьаазым Агәмаа. Дахьӡеит ихадоу алитературатә жанрқәа зегьы рҟны иажәа аҳәара! Абиԥарала аԥхьаҩцәа ирдыруеит, бзиагьы ирбоит аԥсҭазааратә ҵабырг иагәылиааз ирҿиара: ажәеинраалақәа "Асолдаҭ иҳаҭгәын", "Асалам Аҟәаҟа", абаллада "Аҿырпын", аповест "Абаандаҩы", ажәабжьқәа "Ан лыбзиабара", "Икамшәаз алаӷырӡ", апиеса "Адгьыл ду" уҳәа егьырҭгьы. Аԥсшәахь еиҭеигон аклассикцәа ражәеинраалақәа, аерман фырхаҵаратә епос "Давид Сасунтәи" ацыԥҵәахақәа. Иҩит акымкәа-ҩбамкәа амилаҭтә литературеи аҟазареи ирызку астатиақәеи арецензиақәеи.
Қьаазым Агәмаа (1915 - 1950) иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкуп Руслан Қапба раԥхьаӡатәи имонографиа.

01.05.202508:33
АСАЛАМ АҞӘАҞА
Сара избоит, ԥаса сыҟан,
Убаҳча сыҵан, сыԥсы шьо…
Иуахәаччоушәа уаԥхьа, анаҟа,
Амшын уҿықәан еилыҽҽо.
Аӡын дуқәа аԥхын баҳчеиԥш
Ашәаԥыџьаԥ рхашьшьын…
Ахаҵарашәа аниҳәоз ахьча
Ухьӡ еиҭеиҳәон, дузыԥшын.
Сара узбоит, уа уҿы сыҟам –
Уажәахә сымоуп уи бласы,
Аиааира сыман нас Аԥсныҟа
Саргьы снеиуеит уахь лассы.
Снеиуеит ааԥын аҿа ангыло,
Ҳтәыла иақәлаз дҭарханы.
Сыԥс еиԥш избо сара стәыла
Ахәра иамоу ҿаҳәаны!..
Қьаазым Агәмаа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Сара избоит, ԥаса сыҟан,
Убаҳча сыҵан, сыԥсы шьо…
Иуахәаччоушәа уаԥхьа, анаҟа,
Амшын уҿықәан еилыҽҽо.
Аӡын дуқәа аԥхын баҳчеиԥш
Ашәаԥыџьаԥ рхашьшьын…
Ахаҵарашәа аниҳәоз ахьча
Ухьӡ еиҭеиҳәон, дузыԥшын.
Сара узбоит, уа уҿы сыҟам –
Уажәахә сымоуп уи бласы,
Аиааира сыман нас Аԥсныҟа
Саргьы снеиуеит уахь лассы.
Сара сеигӡом сшьа икаҭәоугьы,
Сыԥсадгьыл иасҭеит аҭоуба,
Иаҭаххозар, сыԥсы иҭоугьы
Раԥхьа ишасҭо агәра га!
Снеиуеит ааԥын аҿа ангыло,
Ҳтәыла иақәлаз дҭарханы.
Сыԥс еиԥш избо сара стәыла
Ахәра иамоу ҿаҳәаны!..
Қьаазым Агәмаа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
记录
16.05.202505:13
1.3K订阅者28.02.202516:32
100引用指数28.02.202516:32
349每帖平均覆盖率17.05.202519:34
0广告帖子的平均覆盖率21.03.202523:59
15.18%ER28.02.202516:32
28.03%ERR登录以解锁更多功能。