Україна Online: Новини | Політика

Телеграмна служба новин - Україна

Резидент

Мир сегодня с "Юрий Подоляка"

Труха⚡️Україна

Николаевский Ванёк

Лачен пише

Реальний Київ | Украина

Реальна Війна

Україна Online: Новини | Політика

Телеграмна служба новин - Україна

Резидент

Мир сегодня с "Юрий Подоляка"

Труха⚡️Україна

Николаевский Ванёк

Лачен пише

Реальний Київ | Украина

Реальна Війна

Україна Online: Новини | Політика

Телеграмна служба новин - Україна

Резидент

Ахьыуардын
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
TGlist reytingi
0
0
TuriOmmaviy
Tekshirish
TekshirilmaganIshonchnoma
ShubhaliJoylashuv
TilBoshqa
Kanal yaratilgan sanaJan 12, 2023
TGlist-ga qo'shildi
Nov 22, 2024Muxrlangan guruh

Ахҳәаақәа
27
Rekordlar
30.03.202523:59
1.3KObunachilar31.03.202523:59
100Iqtiboslar indeksi31.03.202523:59
349Bitta post qamrovi16.04.202504:39
0Reklama posti qamrovi21.03.202523:59
15.18%ER28.02.202516:32
28.03%ERR

29.03.202516:25
"Аферым" даҽакала ишԥаҳҳәо? (умница; молодец)
• Аҟәыш
• Аҟәыбҷа
• Аилыхха
• Аилыҷҷа
• Аилфаҷа
• Аиҿамс
• Агәеилыҷҷа
• Агәеилца
• Агәеилга
• Ахшыҩҵар
• Афырхаҵа
#асинонимқәа
Асахьаҿы: Нестор Ҭарба
Ателехәаԥшратә олимпиада "Умницы и умники" аҟны иахьа аиааира згаз 🥇
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

21.03.202505:55
Ашьыжь – амш иахҷаҭуп,
Иууа барақьаҭуп,
Ашьыжь заа игылаз,
Убри иоуп бга зԥылаз!
Ашьыжь – гәыӷра-шәаԥшьуп,
Сара сымш иагәаԥшьуп,
Шьыжьтәи амрахәага –
Сцәаҳәа агәазырҳага!
Мушьни Лашәриа, 1990
Иахьа иазгәарҭоит Адунеизегьтәи апоезиа амш. Шәадныҳәалаз иаԥхьогьы, иаԥызҵогьы! Апоезиа — баҩхатәрала ииуа ажәа сахьарк, иҟалап, зегь раасҭа анырра змоу ҟазара хкызар. Еинрааланы, игәылхны ианҳәаха, зынӡа жәҩангәашәԥхьароуп, ааԥынроуп. Иахьа амши аҵхи еиҟароуп, "ақәыџьма аӡы иҭабылгьоит". Уаҵәы нахыс амш еиҳахалоит аҵх аасҭа. Машәырым апоезиа амш Тамашәҭын иахьақәдыршәаз, уи еснагь иҷкәыноуп, жәра ақәӡам! 🌸

22.03.202516:01
АԤСНЫ
Ухьӡ иагәылоуп амаӡа,
Аха ԥшаашьас иамоузеи?
Уи иблахкыгоу бырлашуп,
Уи абырлаш хәамаӡам.
Ухьӡ иагәылоуп амацәыс,
Еимгеимцара-еимҟьараны.
Ухьӡ иагәылоуп анасыԥ,
Жәҩангәашәԥхьара лашараны.
Ухьӡ — иԥымҵәо мҩазаҵәуп,
Мҩасҩы зыкәа дҭалауа.
Иаҳхылаԥшхәу бла заҵәуп,
Жәҩанахьтә ҳазмырҟьалауа.
Илахьынҵа-хьӡны, иԥышәаран
Уа иухҵоуп, уанышәароуп.
Ԥсаатәҵас ишьҭԥрааз уакәушәа,
Улабҿабоушәа, улакәушәа.
Гәында Кәыҵниаԥҳа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ухьӡ иагәылоуп амаӡа,
Аха ԥшаашьас иамоузеи?
Уи иблахкыгоу бырлашуп,
Уи абырлаш хәамаӡам.
Ухьӡ иагәылоуп амацәыс,
Еимгеимцара-еимҟьараны.
Ухьӡ иагәылоуп анасыԥ,
Жәҩангәашәԥхьара лашараны.
Ухьӡ — иԥымҵәо мҩазаҵәуп,
Мҩасҩы зыкәа дҭалауа.
Иаҳхылаԥшхәу бла заҵәуп,
Жәҩанахьтә ҳазмырҟьалауа.
Илахьынҵа-хьӡны, иԥышәаран
Уа иухҵоуп, уанышәароуп.
Ԥсаатәҵас ишьҭԥрааз уакәушәа,
Улабҿабоушәа, улакәушәа.
Гәында Кәыҵниаԥҳа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
21.03.202508:37
Ажәа ишәаны-изаны аҭыԥаҿ ианургылалак, агәашьа еиԥш иӷәӷәахоит, иԥшӡахоит, ихаахоит, иуанаҳәо агәра уго уҟалоит. Ус акәымкәа, ажәа иара иахьаҭыԥу ианузмыргылалак, ирзымбжьаз аҽы еиԥш иуарчануа иалагоит, иԥсыдахоит, игәыԥҵәагахоит. Идыруп, ахаан аахыс, зегь раԥхьаӡагьы ашәҟәыҩҩы ибызшәа ирбеиалароуп егьараангьы нҵәашьа змам ижәлар рбызшәала.
✍🏻 Баграт Шьынқәба
* * *
Ажәа асахьаркыратә мчы иамоу дуӡӡоуп. Абри аҟны даҽа бызшәак иаҵахом аԥсшәа, уи ауразоуроу исахьаркыроуп, ипоезиоуп. Аԥсуа бызшәа уамашәаҵәҟьа исахьаркны иҭнахуеит ауаҩы иҟазшьа, итәашьа-игылашьа, ихәыцшьа: днагыла-аагыло, деихеигәо, деихьыс-еиԥысуа, деихьымӡа-еиԥымӡо, дныгәнысуа, дыблаҟыблаҵәо, дмага-маго, дкылаԥш-кылӡырҩуа уҳәа убас ирацәаӡаны. Аха абызшәа абеиара ахархәашьа иагьакуп, иагьыҩбоуп...
✍🏻 Владимир Аҵнариа
#ахшыҩҵак_хьыршәыгәқәа
Асахьаҿы: Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иҩны-игәараҭа

23.03.202515:35
Ажәлар малс иҳамоуп иеиԥш иҟоу ауаа – иахьа изымшироу Аԥсны Афырхаҵа Аслан Кәабахьиа. Диит Лыхны ақыҭан 65 шықәса раԥхьа, ахыи-аҵыхәеи ифырхаҵоу, абџьарлагьы, ажәалагьы, услагьы хьаԥш-кәаԥшрак ҟамҵа зыԥсадгьыл аинтересқәа зыхьчо, гәышԥыла иазгыло.
Аслан Кәабахьиа – аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, аинрал-маиор, Аԥсны Жәлар реизара V ааԥхьара адепутат, ԥыхьатәи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ.
Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, адҵаҟаҵаҩ, далахәын Гагра ахақәиҭра, Аҟәа ахақәиҭразы ажәыларақәа зегьы; Гал араион арыцқьара, Лаҭатәи аоперациақәа аҩбагьы, Кәыдры аиҩхаа аҭарцәра. Аибашьра ашьҭахь Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы. Дхаҵаӷәӷәоуп, дԥышәоуп. Ихьыԥшым Аԥсны ашьапы ақәгылара иашаҳаҭу, инижьхьеит хыԥхьаӡара рацәала аҭоурых азы хәы змам астатиақәеи анҵамҭақәеи.
Шәарҭак аныҟоу, ажәлар еиқәзырхаша ак ҟарымҵар ада ԥсыхәа шрымам еилыркаауеит иара иҩызцәа агәаҵәеилгақәа. Наџьнатә аахыс иахьанӡагьы. Иҭаацәеи ижәлари дрыԥхамкәа, дызҭаху зегьы дрыгымкәа ауаҩықәра ду ниҵааит, ҽаангьы-цахәгьы-цабжьгьы зашәахә ԥымҵәаша афырхаҵа. Хьыӡла-ԥшала, гәыӷра лашала, насыԥла!

27.03.202507:56
Аԥсуаа ргәамч агәра игон, Аиааира агәра игон — амцашыра ишалҵуаз иаҳа ииашоу, иаҳа иҟәыӷоу жәларны. Ҳаиқәхоит, ҳагьеиҭеиуеит иҳәон, ҳшыҟаз аасҭа ҳаиӷьны, доуҳала иҵегь ҳҳаракны, ҳацқьаны, ҭаҷкәымкны ҳаилаҵәаны.
Аԥсны Афырхаҵа, ахаҵа ихаҵа Мушьни Хәарцкьиа диижьҭеи иахьа 70 шықәса ҵуеит. Ахаҵара ициит, иагьиҭынхеит, ахааназ кьаҭара зқәым ахьӡ-аԥша ацны.
Аҵарауаҩ нага, аибашьҩы гәымшәа изку инеиҵыху аматериал шәаԥхьар шәылшоит абра>>

21.03.202517:20
Абызшәазы ҳхьаа хызҽша, ҳахәра зырӷьаша апоезиа цқьа аӡыхь ҳиржәуеит Аинар Ҷыҭанаа. Зарԥысымта иҭагылоу, аха зыстиль шьақәгылахьоу, абаҩхатәра лаша иалаҟоу апоет. Иҟоуп убас аамҭақәак, аӡәы имацарагьы ибжьы ианалшо жәларык ргәы ҭнаԥаарц. Иблахкыгоуп исахьаркыратә дунеи, аԥсшәа иныруеит ссиршәа! Иқәра ашәымҭахь днаскьацыԥхьаӡа иҵегь дшеизҳало агәра ҳгоит, аихьӡара дуқәа изеиӷьаҳшьоит.
Аҵх еиқәара салакнаҳауп,
Ҵла наак хырхәоит, зхәыжәцәа зҟьаз.
Аеҵәақәа рыԥшшәқәа рхаҳауп:
Ацԥхь еиԥш илаԥсоит ашьац.
Аҵх еиқәара салакнаҳауп,
Уи сзанышәаӡом уаха.
Амш иахшаз аԥсы цқьа гәнаҳауп,
Аҵх агәеисраҿ ианҭаха.
Сыбла хыстуеит, хыхьтә иҿысҭуеит,
Сасуеит аԥҭақәа рытрышә.
Санырмыхәа урҭ сыҽрысҭеит:
Скырцхны сықәрыԥсарц анышә.
Аинар Ҷыҭанаа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҵх еиқәара салакнаҳауп,
Ҵла наак хырхәоит, зхәыжәцәа зҟьаз.
Аеҵәақәа рыԥшшәқәа рхаҳауп:
Ацԥхь еиԥш илаԥсоит ашьац.
Аҵх еиқәара салакнаҳауп,
Уи сзанышәаӡом уаха.
Амш иахшаз аԥсы цқьа гәнаҳауп,
Аҵх агәеисраҿ ианҭаха.
Сыбла хыстуеит, хыхьтә иҿысҭуеит,
Сасуеит аԥҭақәа рытрышә.
Санырмыхәа урҭ сыҽрысҭеит:
Скырцхны сықәрыԥсарц анышә.
Аинар Ҷыҭанаа
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

20.03.202508:42
"Хәыки шьхаки рыбжьоуп" рҳәоит аԥсуаа еиҿдырԥшуа аки-аки зынӡа ишеицәыхароу аарԥшразы. Иџьашьатәым, ахәи ашьхеи — зегь раасҭа ирацәаны иуԥыло релиефуп Аԥсны. Насгьы дара ааидкыланы урыхәаԥшыр, зегь рыла еишьашәалоит, аҳаракыра ада. Ахәы — шьха хәыҷуп, агылара 200 метра рҟынӡа инаӡар алшоит, уи ианеиҳаха шьхас иԥхьаӡоуп, "ахәы" ахьӡзаргьы. Иаҳҳәап, Аисырра ахәы — шьхоуп. Аҩбатәи аиԥшымзаара — ахра цыҩцыҩқәа, урҭ ахьуԥыло шьхатәыла мацароуп.
🏔 Ҵаҟа еизаҳгеит ашьха иатәу аԥсуа географиатә терминқәа, шәаргьы иацышәҵа.
• А́қәцәа / А́цәқәа — горная вершина;
• А́шьхакәаҩра — острая горная вершина;
• Ашьхынгы́лара — высота горы;
• А́наара, акаӡӷы́ра, ама́рдара — пологий склон; косогорье;
• Ахшьы́ра, а́лаӷьара, ахы́лаӷьара — крутой склон;
• Ашьапы́ / ака́лҭ — подошва горы / холма;
• Ахәы акәа́ԥра / акәа́ҩра — вершина холма;
• Ахәы́гәырҭа — тропинка на вершине холма;
• А́хәҵа — подножье горы;
• Аҩы́ҵа — подгорье;
• Ахԥы́ (бз) — предгорье;
• Ахәдаа́ра (бз), акаҵәа́ра, ахы́ҵырҭа — перевал;
• Ахәдаа́ра — 2. склон холма
• Ахәада́ — горка, холм, взгорье, пригорок;
• Ахәадара́ — гребень продолговатого холма; холмистость;
• Ахәаџа́ — гористая местность;
• Аҳәҭа, аҳәҭа́шь — лощина, балка;
• Алгы́ҭ, аҭҳәаа́, аҳәа́ш, аҭҳәа́ш, агәа́ҩа — овраги;
• А́иҩхаа, абахәбжьа́ра — расщелина; узкое ущелье; теснина;
• Аԥсҭа́ — ущелье.
📚 Абызшәаҿы ишаҳԥыло азы ҿырԥшыс — Алықьса Џьениа ироман "Ашәҭқәа кәаҳатәым" аҟынтә цыԥҵәаха ссирк:
"Мзахәаа рԥошьҭамҩангаҩ Ҳасан Лыцәба дыжәлазаҵәуп, дагьхаҭазаҵәуп. Алаҳаш зықәгылоу ахәы ашьапы ираҵәаны инадрыжьлазшәа ауп инышәтә ҩны аҽкыдырҟәыҟәла амарда ишаҿагылоу. Алаҳаш ахәы иаҩыҵракуп иҩн хәыҷы".
▫️ Аҩны хәдаҟа́ даҩсит — он объехал дом сверху;
▫️ Ақыҭа аха́ҩаӡараҿы дынхоит — живет на краю (горного) села.
📍Асахьаҿы: Бармышь, иҭыхымҭоуп Алхас Қаԥшь

17.03.202510:30
АХАҚӘИҬРА 🏔️
Акы заҵәык ауп – иҟоу иароуп,
Сыԥсадгьыл хазына Аԥсны!
Хақәиҭроуп – ауаҩ иҩны данаԥшәымоу,
Иԥсадгьыл данахым атәым,
Иан лбызшәа абџьарс ианимоу –
Уи адагьы шьамх иҭахым!
Зых иақәиҭу иоуп ишиашоу игылоу,
Иқәгылоу зыдгьыл уаҩҵас,
Инаскьа-ааскьароуп зыбла дыхгыло,
Ҳазшазгьы иҭахуп иара убас!
Ԥхареи лашареи агым ҳаԥсабара,
Аԥсны игыло амра еиԥшым ҽа мракы.
Аха Аԥсны иагын ахақәиҭра лашара,
Уи еиҳаугьы ҳазхьуам аҽакы.
Сыуаажәлар игәаҟхьоу, сыуаажәлар гәымшәа,
Маҷк ауп ишәыгу – нас ишарккоит.
Аӡы ырԥан ишалырхуеиԥш афымца
Шәықәԥара иалыԥхашт ахақәиҭра лашо!
Иван Ҭарба

04.04.202514:45
Иԥсы ҭазҭгьы иахьа 70 шықәса ихыҵуан Аԥсны Афырхаҵа, Гагратәи I абаталион аиҳабы Џьамал Чыргба.
Иеиԥш иҟоу ахацәа рзы ирҳәоит даниуаз баша имхысит ҳәа. Диит Лыхны ақыҭан, Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иаветеранцәаз (аҩыџьагьы ргәышԥқәа медалԥсараха), аԥсуа ҵеицәа иашақәа зааӡаз Владимир Чыргбеи Ольга Арнауҭԥҳаи рҭаацәараҿы.
Аҷкәын аспорт дазҟазаны изҳауан, дықәԥаҩын, аиааирақәа рацәаӡаны игахьан Аԥсны, уи анҭыҵ. Ҩынтә Аԥсны ачемпионс дҟалеит. Донецк абаҩрҵәыратә техникум данҭала, уагьы ақалақь ачемпионс дыҟан.
Иҵара хыркәшаны аҩныҟа данаа, Гагра араион ахь рҵаҩыс дрышьҭуеит. Алаҳаӡытәи ашкол аҟны абаҩрҵәыра дирҵон, аҿар аспорт иазыҟаиҵон. Гаграа ашколхәыҷқәа иара инапхгарала аицлабра "Зарница" аҟны Қырҭтәыла иачемпионцәахон изныкымкәа. Жәаа шықәса иџьабаа адиҵеит аҵара-ааӡара аус.
Аԥсны аӷа данақәла аҽныҵәҟьа Џьамал Чыргба иашьцәа ҩыџьагьы иаргьы еибашьра игылеит. Аҟәа ианалҵтәха, алеи-ԥси рыбжьара икәша-мыкәша шәара зқәымыз иҩызцәа еизигеит: аспортсменцәа, ашьханыҟәацәа-шәарыцацәа. Даазықәгәыӷыз зегь ивагылеит — лхаа, дәрыԥшьаа, афонаа, гаграа рыҷкәынцәа. Иеибашьцәа раԥхьа дгыланы алым еиԥш дықәԥон иаргьы.
Гагра анырга аамышьҭахь Џьамал Чыргба ибаталион иадын Ԥсоу аҳәааи Аибӷа ашьхеи рыхьчара. Анаҩс Аҟәа ахақәиҭрахь ҳназгоз ажәыларақәа зегьы ирылахәын, рылша рацәоуп.
Џьамал Чыргба афырхацәа рыбжьарагьы иаарылукаауаз иакәын ҳәа дыргәаладыршәоит ицеибашьуаз иҩызцәа. "Эталонный, природный абхаз" ҳәа ихцәажәоит нхыҵаа ҳашьцәагьы.
Аибашьра ашьҭахь ибаталион Гал аҳәааҿы иҷаԥшьон, Аԥсны аҭынчра рыхьчон.
Џьамал Чыргба иаамҭанымкәа иԥсҭазаара далҵит 1999 шықәсазы. Акыршықәса аус ахьиуаз Алаҳаӡытәи 1-тәи абжьаратә школ иара ихьӡ ахуп. Ихьӡ кашәара ақәымзааит Аԥсназы зхы-зыԥсы иамеигӡоз агәымшәа!

23.03.202518:35
Иахьа 65 шықәса ихыҵит Аԥсны Афырхаҵа, аполковник, Леон иорден занашьоу, агәыԥ "Душман" аиҳабы Оҭар Ԥалаванӡиа.
Оҭар Ԥалаванӡиа Афганистан деибашьуан, ахәра иоухьан. 1989 шықәсазы аԥсуааи ақырҭқәеи раԥхьатәи реидыслара далахәын, афорум "Аидгылара" далан. 1989-1991 шықәсқәа рзы Аԥсны ахьчара иазкыз арра-резервтә еиҿкаарақәа рахь хатәгәаԥхарала инеиз арԥарацәа дыруаӡәкуп. Егры аҳәааҿы дҷаԥшьон.
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Ацҳа ҟаԥшь аҟны аӷа диҿагылеит. Зны Гәымсҭатәи афронт зырӷәӷәоз дреиуан, анаҩс Мрагыларатәи афронт аҿы адҵақәа назыгӡаша 60-ҩык злаз агәыԥ еиҿикааит. Дҵаҟаҵаҩс дызмаз агәыԥ "Душман" аибашьцәа Тамшь, Кындыӷ, Лабра арратә операциақәа ирылахәын. Аибашьра аилгамҭаз Аҟәа ахы иақәиҭыртәуан, Егрынӡа инаӡеит.
Ҩ-еибашьрак рветеран Оҭар Ԥалаванӡиа иԥсадгьыл амаҵ аура иациҵеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра дахәҭакны. Агәабзиара-агәамч изеиӷьаҳшьоит. Ажәлар рныҳәаԥхьыӡ игымзааит!

25.03.202510:48
ЗЕГЬ РЕИҲА ИХААУ
– Адунеи аҟны аханқәеи аҩнқәеи рацәоуп: аду уҭахума, ахәыҷы уҭахума, ажәытәтәиқәа, аҿатәтәиқәа зҳәаз еиԥш. Убарҭ рызегь иреиӷьу арбану? – ҳәа Чаҵә Чагә иазҵааит ҽнак зны.
– Ухатәы! – иҳәеит.
– Ус акәзар, убри ухатәы ҩнаҿы зегь реиҳа ихааузеи? – рҳәан, еиҭаиазҵааит.
– Ухатәы бызшәа! – иҳәеит Чагә. – Уи абри ҳадунеи аҟны зегь реиҳагьы ихаауп!
* * *
Чаҵә Чагә – аԥсуа лафҳәаҩ, ажәабжьҳәаҩ ду, ԥсабарала абаҩҷыдеи ахшыҩ ҷыдеи занашьаз, ихаҭа ф-бызшәак идыруан рҳәоит. Аԥсшәеи абаза бызшәеи рнаҩс, аҟабарда бызшәа, абырзен бызшәа, аџьам бызшәа, аҭырқәшәа, аурысшәа дрылацәажәартә дыҟан. Диит 1835 шықәсазы Гәыԥ ақыҭан, Чаҵәқыҭ аҳаблан — диижьҭеи сынтәа 190 шықәса ҵуеит.
Чаҵә Чагә Аԥсны ахы-аҵыхәа дахьазымдыруаз ыҟамызт, унеишь-уааишь зарҳәоз иакәын. Иԥсы ҭаны Абас Коӷониа иҩнаҭа акыр даҭаахьан, Иуа дхәыҷны, илымҳа кыдҵаны дыззыӡырҩуаз аҿаԥыцуаа дреиуан. Акыршықәса рнаҩсгьы ажәлар имырӡкәа иааргеит илафқәа, иҭоурыхқәа рацәаӡаны. Ҩышә инарзынаԥшуа иҳәамҭақәеи, иара ихҳәаау ажәабжьқәеи еидкыланы иҭижьит ашәҟәыҩҩы Заур Быҭәба.

22.03.202516:00
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа занашьоу апоет, аиҭагаҩ, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа лықәраныҳәоуп иахьа. 💐🦋
Аԥсшәа сахьарк алшара џьашьахәқәа цәырызгаз, ҳаамҭазтәи алитература еихазҳа-еиҵазҳауа (ахәыҷтәы литературагьы уахь иналаҵаны), зырҿиара аоригинал-цәа ахоу автор — иҭлыжьхьеит 10 инареиҳаны зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку ажәеинраалақәа реизгақәа. Аԥсшәахь еиҭалгеит Апсалтыр, Ахәыҷтәы библиа, адоуҳашәақәа, ахьыӡрашәақәа, Ауаҩы изинқәа рзы адунеизегьтәи адекларациа уҳәа убас иҵегь хра злоу ашәҟәқәа. Лырҿиара згәаԥхо, иззааигәоу аԥхьаҩцәа рацәаҩны илымоуп, еснагь ҿыц лыбжьы иазыԥшуп.
Ҽаанбзиала, ааԥын иалашоу, аԥсуа ажәа аиқәырхара иазааԥсо!

20.03.202513:28
Ажәытә аԥсышәала ашьха ҳаракы, ахра ӷьазӷьаз даҽкала "а-бӷа́" ҳәа иашьҭан, ашәуаа-абазақәа иахьагьы ирҳәоит. Аԥсшәаҿы ари ашьаҭа ҳпылоит иалахырҿиаау ажәақәа рҟны, иара убас ирацәаны атопонимикаҿы.
• Абӷа́цымкыра — даара ишәарҭоу ахра ҭакнаҳа, хынҳәышьа ахьамам ацаҟьацәҳәы
• Абӷа́лара — алеира, аҿҟьара;
• Абӷа́нҷ — ахаҳәсса (гравий);
• Абӷа́б, абӷа́џьма — тур, горная коза;
• Абӷа́мшә — а́храмшә (вид медведя);
• Абӷацгәы́ — аԥы́ҭҳәа (рысь)
🔸 Абӷа́ ҵысит — обвал, камнепад; страшный грохот; селевой поток; переносно "светопреставление".
Ҳашьха қәыԥшқәа рызҳара иадҳәалоу агеологиатә процессқәа аныԥшуазар ҟалап ари, афразеологизм аҵакала.
Аҭыԥхьыӡқәа:
• Аи́бӷа
• Абӷа́шхә
• Бӷаԥшьы́
• Бӷы́рӡха
• Мзабӷа́
• Ҳауа́жәбӷа
• Аҽыбӷа́лара
• Дарыҟәа ибӷа́ларҭа
• Мықьа лыбӷа́ларҭа
уҳәа убас иҵегь
Аҿырԥштәқәа аахӷоит Аԥсуа-аурыс жәар аҟынтә (В. Касланӡиа); "Аԥсны аҭоурыхтә топонимика" аҟынтә (В. Кәарҷиа)
#ажәахырҿиаара #атопонимика

27.03.202515:09
Ҳаҵгәалароуп – хаҵарами;
Аҳаҳаира!
Уа, ҳа иҳацииз қәԥарами;
Аҳаҳаира!
Зҵеи лашара дзыцәҭахазгьы;
Аҳаҳаира!
Ахәра хьанҭақәа ззынхазгьы;
Аҳаҳаира!
Ҳа ҳазцәымӷу зегьы рцасаз;
Аҳаҳаира!
Ҳазҭахугьы гәырӷьаларцаз;
Аҳаҳаира!
Адунеи зегь ҿаҳа-дагәоуп;
Аҳаҳаира!
Иҳарҿыхоит, ҽа хәыҷӡакоуп;
Аҳаҳаира!
Ашәа еиҭамшәа, ашәа гәахәа;
Аҳаҳаира!
Ҳаит ахацәа, шәнаха-наха;
Аҳаҳаира!
Амца иалга ҳамҩа нагоуп;
Аҳаҳаира!
Ҳажәҩан зырлашо ҳбираҟоуп;
Аҳаҳаира!
Рушьбеи Смыр
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҳаҳаира!
Уа, ҳа иҳацииз қәԥарами;
Аҳаҳаира!
Зҵеи лашара дзыцәҭахазгьы;
Аҳаҳаира!
Ахәра хьанҭақәа ззынхазгьы;
Аҳаҳаира!
Ҳа ҳазцәымӷу зегьы рцасаз;
Аҳаҳаира!
Ҳазҭахугьы гәырӷьаларцаз;
Аҳаҳаира!
Адунеи зегь ҿаҳа-дагәоуп;
Аҳаҳаира!
Иҳарҿыхоит, ҽа хәыҷӡакоуп;
Аҳаҳаира!
Ашәа еиҭамшәа, ашәа гәахәа;
Аҳаҳаира!
Ҳаит ахацәа, шәнаха-наха;
Аҳаҳаира!
Амца иалга ҳамҩа нагоуп;
Аҳаҳаира!
Ҳажәҩан зырлашо ҳбираҟоуп;
Аҳаҳаира!
Рушьбеи Смыр
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ko'proq funksiyalarni ochish uchun tizimga kiring.