24.04.202513:05
Мшаԥы 25 рзы аиубилеи азгәанаҭоит Гагра араион Лӡаа ақыҭан еиҿкаау жәлар ринструменталтә ансамбль "Аԥхьарца". 25 шықәса асценаҿ абиԥара ҿа жәлар рҟазара рылааӡара аус шцо аилкааразы арадио Sputnik астудиахь ааԥхьара иҭан ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Даур Ԥарулуа.
Иара далацәажәеит ансамбль аиҿкаара шыҟалази иахьа еихьӡарақәас иамоуи, анҭыҵ ааԥхьарақәа рымоума, аҳәынҭқарраҟынтә ансамбль ахаҵгылара ахьынӡамоу, цхыраарас иаҭаху, еизҳауа абиԥара еиуеиԥшым амилаҭтә музыкатә арҳәагақәа рҿы ахәмарразы агәаҳәара ахьынӡаадырԥшуа уҳәа ртәы.
Инарҭбаау аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҿы.

25.03.202508:12
Ҟәланырхәа ақыҭан игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду рфырхацәа рбаҟақәа еиҭашьақәыргылахоит Урыстәыла иҟанаҵо ацхыраара иабзоураны, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз ақыҭа ахада Руслан Гәлиа.
Гәлиа иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟеи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟеи ақыҭаҟны акны ишыҟаҵоу.
Аибашьра Ду иалахәын 160-ҩык инареиҳаны Ҟәланырхәаа рҵеицәа, урҭ рахьынтә 86-ҩык аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит иҳәеит ақыҭа ахада.
Смыр иажәақәа рыла, Аиааира ду 80 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәа инарҭбааны аԥылара азгәаҭоуп.
🖇 Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рфырхацәа рбаҟақәа реиҭашьақәыргыларазы Урыстәыла ацхыраара ҟанаҵоит, Владимир Путин хаҭала иҟаиҵаз адҵала ари аус аԥара азоужьуп.
Аԥсны ақыҭақәа 71 аԥарақәа роуеит: Гәдоуҭа араион — 20 қыҭа; Очамчыра араион — 16 қыҭа; Тҟәарчал араион — 11 қыҭа; Гал араион — 10 қыҭак; Гагра араион — 9 қыҭак; Гәылрыԥшь араион — 3 қыҭак; Аҟәа араион — 2 қыҭак.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

07.02.202514:52
"Урыстәыла иҟоу ҳколлегацәа аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аганахьала Аԥсны иамоу апозициа раҳаит", — иҳәеит Бадра Гәынба.
"Ҳара ҳалацәажәеит ҳауаажәларраҿы азҵаарақәа жәпакы шьҭызхыз аинвестициатә еиқәшаҳаҭра. Сақәгәыӷуеит сара спозициа рыдыркылеит ҳәа. Ҳколлегацәа Аиқәшаҳаҭра ас еиԥш аформала адкылара залшом ҳәа иҟаҳҵаз ажәалагала аҭак арҭеит", — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба Москвантә Аҟәатәи аҳаирбаӷәазахь раԥхьатәи аԥышәаратә апассаџьыртә ҳаирплан аара аихшьаалатә брифинг аҿы.
Бадра Гәынба агәыӷра ааирԥшит Москвеи Аҟәеи ареспублика атәылауааи, аԥсуа бизнеси, аинвесторцәеи ринтересқәа хшыҩзышьҭра рҭаны, еиҟароу аусеицуразы амеханизмқәа рыԥшаап ҳәа.

07.09.202411:14
Аамсҭашәала асас идкылара ҳазыхиазароуп, ачҳарагьы ааҳарԥшлароуп лҳәеит Пицунда ахатәы сасааирҭа аԥшәма Аида Ҭраԥшьԥҳа, ииасуа аԥхынтәи аамҭа арадио Sputnik аҿы ахҳәаа аҭо.
Аԥсшьаҩцәа санырхаҵгыло иџьаршьоит, уи аангьы ҳхымҩаԥгашьа пату ақәырҵоит ҳәа лҳәоит Ҭраԥшьԥҳа.
Ҭраԥшьԥҳа иазгәалҭеит аԥсшьаҩы идкыларазы аҿыцрақәа алагалатәуп, урҭ рҭахрақәеи ргәазыҳәарақәеи есааира рҽырыԥсахуеит ҳәа.
Аԥхын аамҭа амҩасшьеи сынтәатәи аԥсшьаҩцәа рсоциалтә ҭагылазаашьа аҩаӡареи ртәы инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

30.03.202516:33
🔸️Очамчыра араион аҟны аҵҩаақәа амца ркит.
Амцакрақәа рымҽхак — 10 гектарк рҟынӡа инаӡоит ҳәа Sputnik иазеиҭаиҳәеит араион амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа.
Иара иажәақәа рыла, амцакрақәа хәыҵҟьеит ақәа алеира ианаҟәыҵ инаркны, амцарцәаҩцәа хымш ҵуеит амцарцәара иаҿуижьҭеи.
"Иахьа ақыҭақәа Ачгәара, Маркәыла, Кындыҕ амца дырцәон, аиҳарак аҵҩаақәа роуп амца зку, ҭыҧқәак рҟны аҵлақәа. Уахьзымнеиуа аҭыҧқәагьы ыҟоуп", — иҳәеит Ҧачлиа.
Амцакрақәа ауаатәыҩса ирыхҟьоит ҳәа агәаанагара имоуп иара.

19.02.202509:17
🔸Аԥсны агаҿа иахьаԥну ҭыԥқәак рҿы асаура инамаданы амҩақәа рҿы ашәарҭадара ахьчаразы аусмҩаԥгатәқәа рӷәӷәоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Аслан Базба.
"Мчыбжьык аԥхьа амаҵзурақәа зегьы ргәырҽанҵан. Иаҭаххар ареспубликатә мҩаду аҿы зегь реиҳа иуадаҩу аҭыԥқәа аԥслымӡла еиқәыршәахоит ауадаҩрақәа ҟамларц азы", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аслан Базба иҳәеит, асаура иахҟьаны Риҵаҟа амҩа шарку, насгьы амашьынаныҟәцаҩцәа агәҽанызаара аадырԥшларц ааԥхьара риҭеит, избан акәзар аси аҵааи ирыхҟьаны амҩақәа ҵааршәхар ҟалоит.

25.01.202518:23
Ақыҭа ԥсҭазаара иацу аџьабаа, аҭаацәара аныҟәгара, ашкол аҿы аусура, абарҭқәа зегьы ирыӡгәо Ԥақәашь инхо хҩык ахшара ран Илона Когба арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" аҟны дазааҭгылеит бзиа ибаны дызҿу лус дшазнеиуа атәы.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.

26.03.202518:28
РУСДРАМ Пермҟа амҩа иқәлоит агастроль дуқәа рахь.
Лаҵарамза 2 инаркны 9 рҟынӡа Пермтәи академиатә Театр-Театр аҟны аԥсуа артистцәа ахәаԥшцәа иддырбоит х-қәыргыламҭак — "Софичка", "Ахьча Махаз", "Абацәеи ахшареи".
Агастрольқәа мҩаԥысуеит Росконцерти Урыстәыла Акультура аминистрреи рыпрограмма "Агастроль дуқәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны.

19.02.202509:05
Жәахамш ирылагӡаны 22-миллион мааҭ еиҳаны еизгоуп ҩышықәса зхыҵуа Леиа Адлеиԥҳа лыхәшәтәразы, даҽа ԥшь-миллионки 300 нызқь мааҭ рҟынӡа аанхеит, аАбри атәы арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит Афонд "Ашана" аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
"Ҩымчыбжьа-хымчыбжьа ирҭагӡаны аԥара еизаҳгар ауп, избанзар атрансплантациагьы ахәыҷы дазыҟаҵатәуп. Аамҭа аҭахуп иара аԥара ҿыхны аиагаразы, Европатәи ацентрқәеи Аԥсни рыбжьара ишиашоу аиагара ыҟаӡам. Шаҟа ирласны еизаҳго аҟара, аиҿкааратә усқәа аҭаацәагьы ҳаргьы ҳрылагоит", — лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит абра.

20.01.202509:35
⚡️Урыстәылатәи аруаа Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы аиланхарҭа Шевченко, ЛЖәР аҟны иҟоу Новоегоровка ахы иақәиҭыртәит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
25.03.202518:14
Шәача аҳаирбаӷәазаҿы апассаџьырцәа амемориалтә композициа "Аиааира Ду Аԥырак" рбар рылшоит.
Лаҵарамза раԥхьатәи амшқәа рзы аиубилеитә рыцхә иазку аофициалтә логотип асахьа зну аконструкциа ақалақь аҿы иҟоу Ажәларқәа реиҩызара урыстәылатәи ауниверситет (РУДН) аҵакыраҿы идыргылараны иҟоуп. Уи азы аспециалистцәа агеологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥыргеит, аԥша амчхара ршәеит.
Аԥырак аура 80 метра иҟоуп, уи абанер-паззлқәа 90 рыла ишьақәгылоуп. Ашықәс нҵәаанӡа уи аиллиуминаторқәа рҟынтәи 50 метра аҳаракыраҿы ирбарҭахоит.
Ари апроект Шәачатәи Ажәларқәа реиҩызара урыстәылатәи ауниверситет астудентцәеи арҵаҩцәеи еиҿыркааит аҳәынҭқарреи аҳаирбаӷәазеи рыцхыраарала.
Авидео © Шәачатәи Ажәларқәа реиҩызара урыстәылатәи ауниверситет

19.02.202506:24
Уахык ала Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа Урыстәыла арегионқәа рҿы украинатәи адронқәа 9 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
▫️4 — Амшын еиқәа инахыкны;
▫️3 — Бриансктәи аобласт аҿы;
▫️1-1 — Ҭаҭарсҭани Тулатәи аобласти рҟны.

18.01.202518:36
"Аԥсны аӡиасқәа" ацикл иатәу аканал Абаза-ТВ ажәбатәи афильм ҭыҵит.
Уи аҟны иалацәажәоит Аҟәа ақалақь агәи Турбазеи еиҟәызҭхо аӡиас Басла.
Иахьазы еилассы ицо ақалақьтә ргыларақәа ирыхҟьаны Басла Аԥсны зегь раасҭа иҟьашьу ӡиасуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Уи инаваргыланы Басла лассы-лассы ишьҭыҵуеит, ауаа рынхарҭақәа ирыҵалоит.
Афильм шәахәаԥшыр шәылшоит абри азхьарԥш ала.

Көрсетілген 1 - 13 арасынан 13
Көбірек мүмкіндіктерді ашу үшін кіріңіз.